Урыстәыла

Ҭырқәтәыла апарламент Швециа НАТО алаларзы азакәан шьақәнырӷәӷәеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган Швециа НАТО иалаларазы аԥкаанҵа инапы аҵеиҩит жьҭаара 23 рзы. Адокумент наишьҭит Ҭырқәтәыла Амилаҭтә еизара ду ахәаԥшырц.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Амилаҭтә еизара ду Швециа НАТО иалаларазы азакәан апроект шьақәнырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Aksam адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҭырқәтәыла Амилаҭтә еизара ду Швециа НАТО иалаларазы аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы азакәан апроект инапы аҵеиҩит Апарламент аиҳабы Нуман Куртулмуш. Адокумент нашьҭуп Аҳәаанырцәтәи аусқәа рзы аилак ахь", — ҳәа аҩуеит аҭыжьымҭа.
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган Швециа НАТО иалаларазы аԥкаанҵа инапы аҵеиҩит жьҭаара 23 рзы. Адокумент наишьҭит Ҭырқәтәыла Амилаҭтә еизара ду ахәаԥшырц.
Аԥшьгамҭа ҵаҵӷәыс иамоуп Финлиандиеи Швециеи аиҿкаара иазаигәоу ҩызцәаны ишԥхьаӡоу.
"Арҭ аҩ-тәылак хырхарҭарацәала алианс аус ацыруан. Азыҳәа нарышьҭаанӡа дара алукаартә иҟан атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны рылшарақәа рыла", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Урыстәыла
Реџьеп Ердоган Швециа НАТО иалаларазы аԥкаанҵа инапы аҵеиҩит
Швециеи Финлиандиеи алианс иалаларазы арзаҳалқәа нарышьҭит 2022 шықәса лаҵарамзазы. Финлиандиа арзаҳал 2023 шықәса мшаԥы 4 рзы аҭак арҭан, алианс иаларҵеит, Швециа иаҿагылеит Ҭырқәтәылеи Венгриеи.
Анкара ари аҩыза аӡбара аднаҳәалоит Стокгольм атерроризм ҳаҿагылоит ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭеи Курдисҭан аусутә партиа ахаҭарнакцәа шәаҳҭоит ҳәа ирҳәази. Ҭырқәтәыла ргәы иалсит Швециа Аҟәырҟан ахьырбылуаз. Венгриа Швециа НАТО иалаларазы абжьыҭира инахеит Стокгольм атәыла арежим демократиатә политикатә режимым ҳәа изныкымкәа иахьаԥхьаӡахьоу.