Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: аԥсуа бызшәазы азакәани уи анагӡашьеи

Sputnik
Жьҭаара 27 аԥсуа бызшәа иамшуп. Арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны иалацәажәеит аԥсшәа аҵара уадаҩрақәас иацу, абызшәазы азакәан аилагарақәа, иабанӡаиашоу абызшәа ашьҭкаара уадаҩуп ирмариатәуп ҳәа ацәажәарақәа, иуадаҩцәҟьоума аԥсуа бызшәа аҵара. Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳаи, ахатәы центр "Аӡыхь" аусзуҩ Алиона Габуниаԥҳаи, Жәлар реизара адепутат Адгәыр Ҳаразиеи, Германиа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳаи.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.