АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. 22-ҩы иреиҵамкәа иҭахеит 60-ҩык ахәрақәа роуит аштат Мен ақалақь Лиуистон иҟалаз ахысрақәа ирхырҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Fox News адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Идырым ахаҵа ауаа рацәа ахьыҟаз ахәҳаахәҭратә центри абари рҿы ахысра ҭеиҵеит.
Агәызҩара ззыҟоу ауаҩы ихаҭара аполициаа ишьақәдыргылеит. Роберт Кард – аррамаҵзурауаҩ, ихысуа абџьар азы амҩақәҵаҩ. Кард иԥсихика шьақәҟьаны иҟан, аԥхынразы иара ҩымчыбжь ахәшәтырҭа дҭан. Уахь днаган Амилаҭтә гвардиа аусбарҭахь снеины срылахысуеит ҳәа иҳәазшәа иҟаз ахҭыс ашьҭахь.
Ацәгьауаҩы даанкылам. Иҟалаз азы атәыла ахада Џьо Баиден адырра иҭоуп. Баиден аҭагылазаашьа дахылаԥшуеит ҳәа азгәарҭеит Аҩны шкәакәаҟны.