Аҳәынҭқарреи абизнеси атәылаҿы еицхыраауа, хык еицҭаршәуа ианыҟала, атәыла аҿиара иаҳа алҵшәа аиуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ԥлиа.
"Аԥсны абизнес иаҿу агәҭыхақәа рацәаны иҳамоуп. Аҳәынҭқарраҿы аҳаз, ма ашәахтәқәа рганахьала иҿыцу азакәан анрыдыркыло, абизнес иаҿу уи рдыруазароуп, дара еицәажәозар ауп. Ҳалибакааны аус анаҳуа, иаҳа еиӷьуп. Амаҭәахәқәа аҳәаа ианахуго 10% ақәуп. Уи анрыдыркылоз, абизнесгьы ишахәҭаз аус азамуит, Апарламент аҿгьы иццакны, иазымхәыцкәа ирыдыркылеит. Уи иҽеим аусқәа цәырнагеит. Ус ҟамларцаз, аҳәынҭқарреи абизнесуааи лассы-лассы еиԥыло, еицәажәо иҟазароуп", - ҳәа иҳәеит анаплакҩы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.