Аԥсны

Лӡаа ақыҭан ахатәы ҩны амца акит

Амцакра иахҟьаны анхацәа ацәгьы ааха имоуӡеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Гагра араион Лӡаа ақыҭан ҩбаны еихагылоу аҩны амцакра иахҟьаны ааха аиуит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амцакра шыҟалаз азы, АҶА аҷаԥшьарҭахь адырра ҟалеит аԥшьаша, жьҭаара 26 асааҭ 10:15 рзы. Аҭыԥахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Амцакра иахҟьаны аҩны ахыб блит. Аӡәгьы машәыр имыхьӡеит.
Аԥсны
Алада Ешыра иҟалаз амцакра дырцәеит