Урыстәыла

Викторов: ХАМАС урыстәылаа хҩык ҭҟәаны ирымазар ҟалоит

Уаанӡа ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵахьан урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа змоу ҩыџьа тҟәаны ишрымоу, 20-ҩык шҭахаз, 7-ҩык рхабар шыҟам.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Иҟоуп агәызҩара хҩык урыстәылаа "Исламтәи аҿагыларатә еиҿкаара" итҟәаны ирымоуп ҳәа иҳәеит Израиль иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Викторов "Соловьев LIVE" аефир аҿы.
"Урыстәылеиԥш Израиль атәылауаҩрагьы змоу хҩык ҳтәылауаа тҟәоуп ҳәа агәызҩара ыҟоуп. Аусурақәа цоит урҭ рнырразы", - ҳәа иҳәеит иара.
Жьҭаара 7, асабша ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны итҟәаны иргеит. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит. Израильтәи аруаа аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа зегьы хылаԥшра рырҭо иалагеит, анклавгьы ракетала иажәлеит.
Иара убасгьы Тель-Авив аҳәамҭа ҟанаҵеит асектор амацәаз ишҭаркуа, аӡы, афымцалашара, ахәшәқәа, афатә рыҭара шааныркыло азы. Палестина агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит Газа агәабзиарахьчара асистема шеилаҳаз, зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәаҵәҟьагьы шазымхо.
Аимак иалагазар асектор Газа иҭахахьеит 2 500 нызқьҩык, ахәрақәа роухьеит 17 нызқьҩык ауаа. Израиль 1,3 нызқьҩык ҭахахьеит.