Урыстәыла

Арӡынба: палестинатәи аҳәынҭқарра нагӡаны еиҿкаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны

Аимак иалагазар асектор Газа иҭахахьеит 7,3 нызқьҩык, ахәрақәа роухьеит 18 нызқьҩык ауаа. Израиль 1,3 нызқьҩык ҭахахьеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Палестинатәи аҳәынҭқарра нагӡаны еиҿкаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

"Палестинатәи аҳәынҭқарра нагӡаны еиҿкаатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Аимак уадаҩуп, аҭоурых ӷәӷәоуп", - иҳәеит Арӡынба ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.

Жьҭаара 7, асабша ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны итҟәаны иргеит. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит. Израильтәи аруаа аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа зегьы хылаԥшра рырҭо иалагеит, анклавгьы ракетала иажәлеит.
Иара убасгьы Тель-Авив аҳәамҭа ҟанаҵеит асектор амацәаз ишҭаркуа, аӡы, афымцалашара, ахәшәқәа, афатә рыҭара шааныркыло азы. Палестина агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит Газа агәабзиарахьчара асистема шеилаҳаз, зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәаҵәҟьагьы шазымхо.
Аимак иалагазар асектор Газа иҭахахьеит 7,3 нызқьҩык, ахәрақәа роухьеит 18 нызқьҩык инареиҳаны ауаа. Израиль 1,4 нызқьҩык ҭахахьеит, аахақәа роуит 5 нызқьҩык инареиҳаны.