Урыстәыла

Волынтәи ахлымӡаах иалаӡыз реицжырҭа рбеит Украина

Ари жәшықәса раахыс Украина ирыԥшааз раԥхьатәи ԥсыжырҭоуп – украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа аполиак уааԥсыра ахьындырҵәаз. Украинатәи амчрақәа рахь аусҭҵаара амҩаԥгаразы азыҳәа нашьҭуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Волынтәи ахлымӡаах иалаӡыз реицжырҭа рбеит Украина, Тернопольтәи аобласт аҿы, абри атәы ааицҳауеит Ареспублика Польша аминистрцәа рхеилак алахәыла Михал Дворчик.
Польшатәи амчрақәа Украина аҵакыраҿы ари ахҭыс аан инырҵәаз ауаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы азин роуразы азҵаара иашьҭуижьҭеи акырҵуан, аха- илыҵшәадан.
"Ақыҭа Пужники (Чортковсктәи араион, Тернопольтәи аобласт, Украина) аҿы польшатәии украинатәии аҟазауаа ԥшьымзтәи аусурақәа рышьҭахь ирыԥшааит 1945 шықәсазы иҭархаз ақыҭа ауааԥсыра – аполикцәа рыԥсыбаҩқәа ахьжыз азеиԥш ԥсыжырҭа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Волынтәи анырҵәареи ОУН-УПА раамҭақәа рзы украинатәи амилаҭеилыхцәа рхадацәеи рганахь ала ахҳәааҟаҵара азҵаара Польшеи Украинеи реизыҟазаашьаҿы еиҳа иуадаҩу акәны иҟоуп. 2016 шықәса, аԥхынразы Польша Апарламент ҵаҟатәи апалата ақәҵара аднакылеит ԥхынгәы 11 1943–1945 шықәсқәа раан II Польшатәи ареспублика ауааԥсыра ирҿагыланы украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа имҩаԥыргоз агеноцид иаланҵәаз ргәалашәара Амилаҭтә мшы акәны иԥхьаӡазарц. Польшатәи аган аверсиала 1939–1945 шықәсазы хыԥхьаӡара рацәала аполиакцәа ҭадырхеит ОУН-УПА адгылаҩцәа, Волынь, Мрагыларатәи Галициа, алада-мрагыларатәи авоеводрақәа рҿы. Аофициалтә Варшава Волынтәи анырҵәара геноцидны иашьоит. Польшатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагарала ишьыз рхыԥхьаӡара 50 - 100 нызқьҩык инаӡоит.