Аԥсны

"Дцон аԥҳәызба еибашьра": аветеран Жанна Мықәԥҳа еиҭалҳәеит еибашьра дышцаз

Sputnik
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Дцон аԥҳәызба еибашьра" иацаҳҵоит. Иахьатәи асас - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Жанна Мықәԥҳа. Лара еиҭалҳәеит аибашьра ҟалеит ҳәа ишлаҳаз, уахь ацара шылгәаӷьыз, аибашьра адәаҟны лара, лашьцәа, лҩызцәа зықәшәоз ахҭысқәа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.