Урыстәыла

Израиль атәылахьчара аминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит сектор Газа аҟны аибашьра аетап ҿыц ишалагаз

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Израиль атәылахьчара аминистр Иоав Галант аҳәамҭа ҟаиҵеит Сектор Газа аҟны аибашьра аетап ҿыц ишалагаз, абри атәы аҩуеит агазеҭ Haaretz.
Аибашьра аетап ҿыц ахь ҳаиасуеит, анаҩстәи адҵа ҳарҭаанӡа уи наҳагӡалоит", - иҳәеит Галант.
Израиль Арбџьармчқәа апресс-маӡаныҟәгаҩ, аинрал Даниель Хагари аҳәамҭа ҟаиҵеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы сектор Газа ишажәлоз.