Ашьха Ҟарабахтәи аимак-аиҿак ԥхьаҟа иахылҿиаарц зылшо ахҭысқәа, уи ахҟьаԥҟьақәа Аԥсны ашәарҭадара иахьынӡахьысырц алшо ирызкны Атәыла ахада иҟны иаԥҵоу Аҭҵаарадырратә стратегиақәа рцентр аҟны аиԥылара мҩаԥысит. Уи иалахәыз аҭоурыхдырҩы, кавказҭҵааҩы Гәырам Гәымба арадио Sputnik аефир аҟны уи азҵааразы игәаанагара иҳәеит.
"Адгьылқәа аӡә иуҭар, уихьчоит ҳәа агәыӷра гаӡароуп. Ермантәыла дара иртәу ҳәа рымаӡам, Урыстәыла афирмақәа рымоуп. Ҳара ҳхала ҳхы ҳақәгәыӷны, иҳадгылоу ҳҩыза ду Урыстәыла иинтерес заку еилкааны, ҳара ҳтәы еилкааны, иаҳҭаху абри ауп, узаҳҭахугьы абри азы ауп ҳәа иаҳҳәароуп. Абарҭқәа еилкааны ианыҟалак, нас ҳахгьы ҳацәымшәартә, иаҳҩызоу иҳаӷоу еилҳаргоит. Аерманцәа хылагәыла еилоуижьҭеи акырҵуеит. Убри амҩа ҳақәушәа аҭагылазаашьа ыҟоуп иахьа. Ҳара ҳмилаҭ аелита иаадырԥшыруп аҟәышра ду. Макьана сахьԥшо адипломатиатә ҟәышра ду иахьатәи ҳаиҳабыра иаадырԥшуа збом", - иҳәеит Гәымба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.