Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳрыҿцәажәоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Дара еиҭарҳәоит рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
Ҳџьынџьуаҩ абаза Али Моран Аԥсны дынхоит 30 шықәса инарзынаԥшуа. Хҩык ахшара драбуп, ҩыџьа аԥҳацәеи аԥеи имоуп. Иԥа аҭаацәара далалахьеит Аԥсны, иԥҳеиҳаб Ҭырқәтәыла аус луеит.
"Аԥсны иааир зҭаху, гәыкԥсыкала бзиа ибаны дааиуазар, даиааит. Ааира-ацара хәыҷык имариахар, ауаҩы дааины ибон, игәы даҽакала иҟалон. Амҩа аганахьала аиҵахарақәа ыҟоуп. Аурысцәа ирацәажәаны авиза азҵаара шьҭырхроуп, мамзар зегьы зааӡом, иҟоуп алшара змам", - ҳәа азгәеиҭеит Моран.
Иара иҳәеит алшара шимаз Германиа, Франциаҟа аусура, нхара ацара, аха Аԥсны алихит, иҭоурыхтә ԥсадгьыл ацхыраара аҭахны ишыҟаз ибон.
"Аԥхьатәи ашықәс азы иуадаҩын даара. Аҳәаа ахьчара ҳцон, зегьы ирфоз сара исзыфомызт. Мчыбжьык, саҭамыз иахьысҳәо, уа уахьҽукәабозгьы ыҟамызт, ӡырԥхада иҳачҳауан", - иҳәеит Моран.
Инеиҵыхны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.