Аԥсны

"Зхьышьҭра змырӡыз": Али Моран еиҭеиҳәеит иԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз

Sputnik
Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳрыҿцәажәоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Дара еиҭарҳәоит рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
30 шықәса иназынаԥшуеит Али Моран иԥсадгьыл ахь дхынҳәны, аҭаацәара аԥҵаны дхандеиуеижьҭеи. Иара иҳәеит алшара шимаз Германиа, Франциаҟа аусура, нхара ацара, аха иҭоурыхтә ԥсадгьыл ацхыраара аҭахны ианиба Аԥсны шалихыз.