Аԥсны

Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара аԥырҟәҟәаауп

Ахаҵа иҽазишәон Урыстәылантәи Аԥсныҟа амефедрон аилаҳәара алагалара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу аҳәаахьчаратә отриад аусзуҩцәа иаԥдырҟәҟәааит Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
39 шықәса зхыҵуа ахаҵа шьапыла аҳәаа дахысуан. Агәаҭара данахрыжьуаз иара ихала иџьыба иҭигеит аилаҳәара. Аекспертцәа ишьақәдыргылеит аилаҳәара ишагәылаз анаркотик амефедрон.
Уажәазы аусурақәа мҩаԥысуеит азинеилагара аҭагылазаашьақәа реилыргаразы, ԥхьаҟа урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны ашьаусԥшааратә ӡбамҭа адкыларазы.