Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ӡаԥшьба ақыҭаҿы иҟоу аиҵахарақәа ирызкны

Sputnik
Бармышь ақыҭа иатәу, Гагра инхо Ҭемраз Ӡаԥшьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа ақыҭаҿы иҟоу аиҵахарақәа мзызс ирымоу, урҭ шырҽеитәу, насгьы, хаҭала иареи ақыҭеи реимадара шеиҿкаау, уахь изихо атәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.