Урыстәыла

Бастрыкин Махачкала аҳаирбаӷәазаҿтәи ахҭысқәа хылаԥшра риҭалоит

Жьҭаара 29 ауха гәыԥҩык ауаа Махачкала аҳаирбаӷәаза атәара-шьҭыԥрааратә дәы иқәлеит аилахәыра Red Wings иатәыз аҳаирплан Тель-Авивынтәи иантәа ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин Махачкалатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыҭҵааразы адҵа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа а-Telegram-канал.
"Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы Ареспублика Даӷьсҭан иҟоу Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы Ашьаусԥшааратә усбарҭа анапхгаҩы Белиаев Д.В. инапы ианиҵеит иҟалаз шыҟалаз аилкаара, алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи рышьақәыргылара. Аус шцо хылаԥшра арҭалоит аусбарҭа аппарат хадаҿы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҿагыларатә акциахь анеиразы ааԥхьарақәа кьыԥхьын асоциалтә ҳақәа рҿы.
Жьҭаара 29 асааҭ 20:00 рзы гәыԥҩык ауаа мчыла, абџьар рхы иархәаны, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аҿагылара рыҭаны Махачкала аҳаирбаӷәаза атәара-шьҭыԥрааратә дәы иқәлеит аилахәыра Red Wings иатәыз аҳаирплан Тель-Авивынтәи иантәа ашьҭахь.
Аилаҩеиласрақәа раан аахақәа роуит ҩажәаҩык, жәҩык – аполициа аусзуҩцәа роуп. Жәаҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп, урҭ рҟынтәи ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп. Азинхьчаҩцәа 150-ҩык рхаҭарақәа шьақәдыргылахьеит, 60-ҩык ааныркылахьеит. Махачкала аҳаирбаӷәаза аамҭала иаркын, ареисқәа егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа рахь рхы рхан. Росавиациа адырра ҟанаҵеит аҳаирбаӷәаза "Уиташ" иныҭкааны агәаҭара анымҩаԥыргалак ашьҭахь ишаартхо.