Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Черкассктәи аобласт аҿы УАМ авиациатә арсенал еилаԥыххаауп

Аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә ари артиллериеи 128 раион рҿы УАМ аибашьцәеи атехникеи ааха рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Черкассктәи аобласт Дубиевка араион аҿы УАМ авиациатә арсенал еилаԥырыххааит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Уахыки-ҽнаки рыла ааха рыҭан амеханизациа зызуу 43, 67 абригадақәа, амшыншьаҟауаа 35-тәи рыбригада, аоператив хықәкы змоу 31-тәи абригада, икажьуп HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 39.
Аԥсны
УАМ Ҟрым иақәкны аа-ракетак Storm Shadow анашьҭра рҽазыршәеит
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ аибашьцәа ржәыларақәа жәба, иҭархоуп 90 еибашьҩы, ҩ-танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, ҩ-автомашьынак. Краснолимантәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 70 солдаҭ, х-пикапк, Донецктәи ахырхарҭаҿы – 285-ҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡ машьынак, х-автомашьынак, артиллериатә система М777 - ҩба, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп шәҩык аӷацәа, ҩ-кәылӡы транспартиорк, ҩ-пикапк, апушка "Гиацинт-Б".
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 220-ҩык, ҩ-танкк "Leopard" налаҵаны, ҩ-кәылӡ машьынак, х-пикапк, ҩ-артиллериатә системак М777, артиллериатә шьақәгыла "Krab", агаубица "Мста-Б". Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 70 еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, агаубицақәа "Мста-Б", Д-20, апушка "Гиацинт-Б".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаратә пункт еилаԥырхааит ДЖәР