Аԥсны

Даур Ақаҩба Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп

Уаанӡа Даур Ақаҩба адырра ҟаиҵахьан акультура аминистр имаҵура шаанижьуа азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Даур Ақаҩба Гал араион ахада Константин Ԥлиа ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит "ГалМедиа".
"Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц ахада дыддырдырит", – ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Уаанӡа Даур Ақаҩба и-Telegram-канал аҿы иҳәахьан Аԥсны акультура аминистр имаҵура шаанижьуа даҽа усурак ахь дахьиасуаз инамаданы. Иара уа аус иуан 2022 шықәса мшаԥы 6 инаркны.