Урыстәыла

Путин: Даӷьсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа мраҭашәараа Украинантәи идырӷыӷкит

Амҽыша, жьҭаара 30 рзы ауаа еижәыланы, амч рхы иархәаны, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирҿагыланы, Махачкала аҳаирбаӷәаза рҽыҩнарыжьлеит Израильнтәи ареис антәа ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Махачкала иҟалаз аилаҩеиласрақәа Украина ала мрагыларатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапы иҵыҵит ҳәа.

"Махачкала иҟалаз аилаҩеиласрақәа ҟаларц ауаа Украинантәи ргәы азҭарҵеит асоциалтә ҳақәа рылагьы убрахь иналаҵаны, мрагыларатәи амаҵзура ҷыдақәа рагентура анапқәа ирыҵыҵит", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Путин Даӷьсҭан аҳҭнықалақь аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәараан.

Урыстәыла ахада инаҵшьны иҳәеит Еиду америкатәи аштатқәа иргәаԥхом адунеитә проблемақәа рыӡбара Урыстәыла активла иахьалахәу. Арегионқәа рҟны иҟоу ахаос Мрагылара хәарҭас иамоуп, избанзар абри аҩыза аҭагылазаашьаан раӷацәа рырблаҟьара иаҳа ирзымариоуп.
Убас ала ЕАА Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа шьақәырҟьоит. Аҳәынҭқарра ахада ишиҳәаз ала, израиль-палестинатәи аимак рхы иадырхәоит Урыстәыла аҿагыларазы, милаҭрацәалеи динрацәалеи еиларсу урыстәылатәи ауаажәларра реиҟәшаразы.
Иара иҳәеит Урыстәыла адунеиртәашьа иаша аргылара иахьацхраауа адагьы, аибашьра адәаҿгьы уи ишазықәԥо. Хаҵас зхы зыԥхьаӡо зегьы анацизм иаҿагыланы аоперациа ҷыда иалахәзароуп, Урыстәылеи, адунеи уаҵәтәи амши, Палестинагьы убрахь иналаҵаны, рзы иқәԥалароуп.
Урыстәыла
Бастрыкин Махачкала аҳаирбаӷәазаҿтәи ахҭысқәа хылаԥшра риҭалоит
Амҽыша жьҭаара 29 ахәылбыҽха гәыԥҩык ауаа мчыла, абџьар рхы иархәаны, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аҿагылара рыҭаны Махачкала аҳаирбаӷәаза атәара-шьҭыԥрааратә дәы иқәлеит аилахәыра Red Wings иатәыз аҳаирплан Тель-Авивынтәи иантәа ашьҭахь.
Аилаҩеиласрақәа раан аахақәа роуит ҩажәаҩык, жәҩык – аполициа аусзуҩцәа роуп. Жәаҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп, урҭ рҟынтәи ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп. Ашьаус хацыркуп ауаа рацәа злахәу аилаҩеиласрақәа реиҿкааразы.