Аԥсны

Зураб Џьапуа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас деиҭалхуп

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Зураб Џьапуа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас 10 шықәса ҵуеит дыҟоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Зураб Џьапуа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас деиҭалхуп.
Жьҭаара 30 рзы Академиаҿ имҩаԥысыз маӡалатәи абжьыҭирала Зураб Џьапуа даҽа хәышықәса Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас дыҟазаауеит.
Зураб Џьапуа – аҵарауаҩ-афольклорҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, аепосҭҵааҩ диит Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан апрель 16 1960 шықәсазы.
1984 шықәсазы З.Џь. Џьапуа ибзиаӡаны иҵара хиркәшоит Аԥснытәи аҳәынҭқааратә университет аҿы. А.М. Горки ихьӡ зху СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Адунеизегьтәи алитература аинститут хықәкылатәи аспирантура афольклорҭҵаара азанааҭ ала иҵара хиркәшоит 1989 шықәсазы.
2004 шықәсазы ихьчеит "Сасрыҟәеи Абрыскьыли ирызку аԥсуа архаикатә ҳәамҭақәа" атемала адоктортә диссертациа. 2013 шықәса, ԥхынҷкәын 26 рзы академик З.Џь. Џьапуа далхын Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас. Ианашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.