Аҩажәатәи ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа раан аполитикатә репрессиақәа ирылаӡит 7 нызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа. Иҟоу адыррақәа рыла 37-тәи ашықәс мацараз ҩ-нызықьҩык иреиҳауп харада ахара зыдҵаз. Урҭ рыбжьара дыҟан Џьгьарда инхоз Џьемал Аӡынба. Иара дзыхдырҟьаз, ирӡра шыҟалаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит имаҭа Шамиль Аӡынба.
Шамиль иабду диит Ҭырқәтәыла. Иара дабиԥазаҵәын. Ииасыз ашәышықәса алагамаҭаз Аԥсныҟа дааит. Дынхеит Џьгьарда ақыҭан, аҭаацәара далалеит 9-ҩык ихшаара дреиҵбын Шамиль иаб.
Џьемал Аӡынба 52 шықәса ихыҵуан 1937 шықәсазы дытроцкиступ ҳәа данҭаркыз. Анаҩс мызқәак рышьҭахь дыршьуеит. Ари ахҭыс шыҟалаз, ианду ахәыҷқәа лыманы Баҭымҟа дышцаз атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.