Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: аамҭала хылаԥшрада инхаз ахәыҷқәа рааӡара иазкны

Sputnik
Аԥсны ахәыҷкәа рзинқәа зыхьчо Мактина Џьынџьалԥҳаи, агәыҳалаларатә фонд "Кьараз" анапхгаҩы Кадыр Аргәыни, Гәдоуҭатәи араион аҿы асоциалтә цхыраара аҟаҵаразы аспециалист Саида Кәыҵниаԥҳаи, аетнограф Марина Барцыцԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит аамҭала хылаԥшрада инхаз ахәыҷқәа рааӡара иацу ауадаҩрақәа.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.