Арадио

Кәарҷелиаԥҳа арҵаратә цәыргақәҵазы: ашколхәыҷқәа рацәаҩны иаднаԥхьалеит

Sputnik
Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа Аԥсны еиҿыркаауа ацәаргақәҵа аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы иахьынӡахәарҭоу, иамоу азҿлымҳара.
Аҟәа имҩаԥысуан Урыстәыла иреиҳауи ибжьаратәиу аҵараиурҭақәа рыбжьара ацәыргақәҵа. Ҵыԥх аасҭа сынтәа ахәыҷқәа аднаԥхьалеит, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷелиаԥҳа. Аԥсшьараамҭа иақәшәеит аҟнытә агәыҩбара сыман, инеиуа имнеиуа ҳәа, лҳәеит лара.
"Ахәыҷқәа иаадырԥшыз азҿлымҳара иаҳнарбеит изныло амҩа ҭакԥхықәрала ишазнеиуа. Аҵараиурҭақәа ргеографиа еиԥшӡамызт, иара убас ҵакылагьы. Сара избеит Аԥсны иазааигәо иаҳа ишазҵаауаз. Иара убас азҿлымҳара аиуит сынтәа раԥхьаӡакәны иӡыргаз Пирогов ихьӡ зху москватәи амедициантә университет. Ахәыҷқәа иазҵаауан ишҭалатәу ҳәа", - азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.