Арадио

Нарманиа арҵаҩцәа рзы акурсқәа ирызкны: ахаангьы имыцхәны иҟалом

Sputnik
Урыстәылеи Аԥсни рҵаратә системақәа реишьаршәалара аҳәаа ирҭагӡаны Нхыҵ Кавказнтәи аспециалистцәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра алагарҭатә классқәа, аурыс бызшәеи алитературеи, абаҩрҵәыреи рырҵаҩцәа рҟазара аҳаракразы акурсқәа мҩаԥыргоит. Арҭ алекциақәа ирылахәу Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Наур Нарманиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акурсқәа шеиҿкаауи, насгьы хәарҭас ирылоуи ртәы.
Наур Нарманиа аиҿцәажәараҿы еиҭеиҳәеит акурсқәа рахь ааԥхьара шиоузи, иара изанааҭ ахырхарҭала иоуз адыррақәеи ртәы.
"Сара хаҭала абра избаз исаҳаз зегьы аурокқәа рҿы схы иасырхәалоит. Ахәыҷқәеи сареи ҳусеицураҿы ицхыраагӡахоит. Арҵаҩцәа қәыԥшцәа рзы арҭ акурсқәа даара ихәарҭоуп. Хаҭала, сара иҿыцны исаҳаз рацәоуп. Арҭ акурсқәа реиԥш иҟоу мҩаԥысхьеит ҳашкол аҿы, ахаангьы имыцхәны иҟалом урҭ рхы рылархәра", - иҳәеит Нарманиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.