АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи ҳџьынџьуаа реинырра азҵаарақәа ирылацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр.
"Ҳара еснагь ҳрылацәажәоит Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны имҩаԥаҳгарц зылшо ауснагӡатәқәа. Урҭ ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаинырра арҵаулара, арҭбаара иазырхоуп. Хықәкыла ҳазлацәажәо азҵаарақәа аекономикеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара иазырхоуп", - иҳәеит аминистр.
Арӡынбеи Аҩӡбеи реилацәажәараан иазааҭгылеит Мрагылара Ааигәа аҭыԥ змоу аимак, Аԥсни Аҩада Кипри реинырра ашьақәыргылара. Арӡынба игәаанагарала, абри ахырхарҭаҿы ареспублика иазаатуеит аекономикеи аинвистициақәеи, аԥышәеи аинформациеи реимдара рганахьала аԥеиԥшқәа маҷымкәа, уи азы ари ахырхарҭала активла аус утәуп.
Инал Арӡынба иара убасгьы "Аекономикатә ҿиара Жәларбжьаратәи Ассоциациа" ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Олег Фирер диҿцәажәеит. Аԥсни Еидҵоу Арабтәи Аемиратқәеи рыбжьара аинвестициатә, аекономикатә еимадарақәа рышьақәыргылара, ҩ-ганктәи аусутә хеилак аԥҵара азҵаарақәа ирылацәажәеит.