Земфира аибашьра ианалага 29 шықәса ракәын илхыҵуаз. Лара медиеҳәшьас ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы аус луан. Аҽны аусураҿы атанкқәа рыбжьы ааҩуан зынӡа ихарамкәан, аибашьра ишалагаз аӡәгьы иҳаимҳәаӡеит ҳхала иаҳдырит ҳәа азгәалҭеит Земфира аиҿцәажәараҿы.
Раԥхьатәи амшқәа рзы ахәышәтәырҭа аӷәраҵа сыҵатәан, сара сан дақырҭуоуп азын даан сылгеит ҳәа еиҭалҳәеит Земфира. Уи шыҟалаз атәы, насгьы лҩыза Лиудмила Ҭаниԥҳа ақырҭцәа дшыршьыз, иара убас лашьа Аԥсны афырхаҵа Баҭал Кәыҵниа афронт ахь дышлыԥхьаз, насгьы зегьы реиҳа илхамышҭуа мшны иаанхаз атәы еиҭалҳәеит Земфира Кәыҵниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.