Аԥсны

Гагра араион Ԥсахара ақыҭан аԥсҭбара зцыз амҩан амашәыр ҟалеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Гагра араион Ԥсахара ақыҭан, абҵара 5 рзы ашьыжь амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит, абри атәы Аԥсны АҶА апресс-маҵзура Sputnik иазеиҭарҳәеит.
Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала, автомашьына Nissan ашьаҟа иасит.
АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 06:47 рзы. Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥахь иаразнак инеит Гагра араион аиқәырхаратә ҟәша. Амашьына аԥсҟы зкызи апасаџьыри аҭыԥаҟны рыԥсҭазаара иалҵит.