Аҟәа ашьхара иахьаԥну аусурақәа цоит: агәамсам ақәгара, аӡыршә, агәашьаркыра реиҭашьақәыргылара, ашықәс ҿыцанӡа урҭ аусурақәа хдыркәшарц ргәы иҭоуп иҳәеит Сурманиӡе.
"Ауаҩы ибартә еиԥш иҟалои шаҟа уа аҭагылазаашьа еиӷьхаз. Аԥсшьаҩы иааиуагьы изыманшәалахоит, ақалақь агәаны дшыҟоу минуҭқәак рыла ашьхараҿы дҟалоит, уаантәи ақалақь далаԥшуа, амшын дхыԥшылуа аҭагылазаашьа ҟалоит. Амшын ахықәгьы абжа ҟаҵоуп, иаанхазгьы ҟаҳҵараны ҳаҟоуп. Басла аӡиас ацҳа хҵаны аԥсшьарҭақәа ирываршәны уныҟәар ҟалоит, агәамсам ықәганы арԥшӡара иаҿуп", - иҳәеит Сурманиӡе.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.