Арадио

Палԥҳа: ателехәаԥшраҟны аусура иалагаз игәы, иԥсы, иԥсҭазаара, иаамҭа уи иадиҳәалароуп

Sputnik
Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иахьа аныҳәамш азгәанаҭоит- 45 шықәса ахыҵра. Аԥсуа телехәаԥшра акыр иазааԥсахьоу арежиссиор Светлана Палԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аусура дшалагаз, ателехәаԥшра лыԥсҭазаараҟны ҭыԥс иааннакыло, дзеиԥшразар акәу уаҟа аус зуа.
"Ателехәаԥшраҟны аусура иалагаз игәы, иԥсы, иԥсҭазаара, иаамҭа зегьы иусура иадиҳәалароуп. Уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Аиирамшқәа, ачарақәа, аԥсхәрақәа, аԥсрақәа ухауршҭыроуп. Ҳара ҳаԥсуара уи аднакылаӡом, аха ателехәаԥшраҟны аус ууозар, уажәы иҟауҵараны иҟоу, уажәы иҟауҵароуп, убри аҟынтә уԥсы зегьы адкыланы аус ууроуп зегьы ухаршҭны", - лҳәеит Палԥҳа.
Ноиабр 6, 1978 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ателербага аҟынтә аԥсышәала анҵамҭақәа, адырраҭарақәа цәажәеит.
45 шықәса ирылагӡаны Аԥсуа телехәаԥшра акыр иуадаҩыз аҿиарамҩа иахысит. Уи аусзуҩцәа рзы иԥышәараз аамҭақәаны иҟалеит 1989-тәи, 1992-1993-тәи ашықәсқәа, иара убасгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи аамҭа.
Инеиҵыхны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.