Ари ашықәс иалагӡаны ԥшь-саитк аарԥшын иахьа уажәраанӡа, ҳәа адырра ҟалҵеит Табаӷәуаԥҳа.
"Асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа ирзеилкааӡом, аминистрра асаит аҿы иаԥҵоу асасааирҭақәа рсиа иҭагалазарц шрыхәҭоу, уи хырҩа арҭоит, иԥаршеиу асаитқәа рганахьала аус иақәшәаанӡа. Зхатә аофициалтә саит змам асасааирҭақәа рзы уи хымԥадатәны иҟоуп", – ҳәа азгәалҭеит лара аицәажәараҿы.
Оксана Табаӷәуаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсшьаҩы игәы иҽанызҵартә ахәҭоу афактрқәа ртәы, илҳәеит иԥаршеиу асаитқәа еиҳарак аӡын аамҭазы ишаԥырҵо, ауаа ахәқәа ирыгырханы ирбоит аинформациа, уи иаднаԥхьалартә иҟаҵоуп.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.