Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 17 Ҟрым ражәлара аԥырҟәҟәаауп

Аҳәаа иаԥну Урыстәыла арегионқәак – Курсктәи аобласт, Ҟрым назлоу рҿы ашәарҭара "аҩежь ҩаӡара" амоуп ҳәа азгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа иаԥдырҟәҟәааит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла УАМ Ҟрым ажәлара. Абри атәы аанацҳауеит атәылахьчара аимнистрра.
"Абҵара 7, ашьыжь иаԥырҟәҟәаауп киевтәи арежим атеррористтә жәылара. Ахархәара рыман 17 БПЛА", - аҳәоит адырраҭараҿы.
БПЛАқәа жәба Амшын еиқәа аӡымҽхаки Ҟрыми рҵакыраҿы иларышьҭит, егьырҭа ааба аанкылоуп.
Ҟрым агубернатор Михаил Развожаев иҳәеит БПЛАқәа руак аԥҽыхақәа Севастополь хатәыҩнык ашҭа ишҭаҳаз. Ахәра иоуит хаҵак. Амедусзуҩцәа уи иҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа иршьоит. Ахыбрақәеи акоммуникациақәеи џьаргьы ԥырхага рымам.