Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Донецктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа быжьба аԥдырҟәҟәааит

Урыстәылатәи аруаа арратә операциа ҷыда ахықәкқәа рынагӡара шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа ажәыларақәа быжьба аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчаратә усбарҭа.
"Ари ахырхарҭаҿы аӷа изеиԥш цәыӡ ишьуи ихәуи рыла инаӡоит 245-ҩык рҟынӡа, иара убасгьы акәылӡмашьынақәа ҩба", - аҳәоит адырраҭараҿ.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 160 еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, Краснолимантәи ахырхарҭаҿы Червона Диброва араион иахьаҵанакуа ажәылара аԥырҟәҟәаан, иҭархоуп 170 украинатә солдаҭ, ҩ-пикапк, абзарбзан Д-30.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы – 70 всолдаҭ, танкк, ҩ-кәылӡмашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика". Запорожиатәи ахырхарҭаҿы – 60 солдаҭ, х-кәылӡ машьынак, артиллериатә система М777, агаубица М119. Херсонтәи ахырхарҭаҿы –55 солдаҭ, ҩ-автомашьынак, агаубица "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 17 Ҟрым ражәлара аԥырҟәҟәаауп
Аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатәи артиллериатәи ар 105 раион рҿы УАМ аруааи атехникеи ааха рырҭеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Харькотәи аобласт аҿы икарыжьит аҳаирплан Су-27, ДЖәР аҿы – МиГ-29. Иара убасгьы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 33 кажьуп.