Аԥсны

Ари асезон азы акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара аҭахӡам ҳәа азгәарҭеит Роспотребнадзор аҿы

Жьҭаарамзазы Аԥсны иазгәаҭан 160-ҩык акоронавирус шрыхьыз. Аиҳараҩык ачымазара ласны ирхыргоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Ари асезон азы акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара аҭахӡам, алаҵа зҭаху аимҳәачымазара ауп ҳәа азгәалҭеит Роспотребнадзор ахада Анна Попова.
Попова лажәақәа рыла, COVID уажәтәи ахҟьаԥҟьақәа лаҵада рыхгара алшоит.
"Иахьатәи аҭагылазаашьақәа рыла аковид аҟынтә алаҵаҟаҵра аҭахым", - ҳәа лҳәеит Попова.
Убри аан аимҳәаҟынтә алаҵа ҟаҵатәуп ҳәа лҳәоит лара.
Аԥсны аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит жьҭаарамза агәазы. Ареспубликахь иааганы аполиклиникақәа ирзеихыршеит 3 000 лаҵа "Гриппол плюс", "Гриппол квадривалент".