Урыстәыла

Израиль аҳәамҭа ҟанаҵеит ХАМАС абџьарҟаҵаҩ хада дҭархоуп ҳәа

Палестина-израильтәи аимак аганқәа рҵакыратә дгьылқәа ринтересқәа ирыдҳәалоуп, акыршықәсагьы арегион аҿы аибарххарақәа цоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Израиль атәылахьчаратә ар (ЦАХАЛ) Telegram-канал аҿы аҳәамҭа ҟанаҵеит ХАМАС абџьарҟаҵаҩ хада дҭархоуп ҳәа.
"Израиль арра-ҳаиртә мчқәа рҳаирплан ала дҭархоуп ХАМАС абџьарҟаҵаҩцәа ираԥхьагылаз, астратегиатә бџьари аракетақәеи аус рыдуларазы аексперт Мохсед Абу Зин", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Агазеҭ Politico зыхьӡ ҳәам израильтәи чынуаҩык иажәақәа рыла адырра ҟанаҵоит Израиль амчрақәа палестинатәи аиҿкаара ХАМАС аҿцәажәара иазыхиахоит итҟәаны иргыз аурышьҭыр ҳәа.
Аҩаша Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху ателехәаԥшрала адырра ҟаиҵеит атҟәацәа аурмышьҭкәа Израиль ахымца ааннакылом, анклав ахь абылтәы нанашьҭуам ҳәа.
Газа иҭахахьоу рхыԥхьаӡара 10-нызқьҩык иреиҳауп, урҭ рҟынтәи 4 нызқьҩык рҟынӡа хәыҷқәоуп. 26-нызқьҩык ахәрақәа рымоуп. Израиль зқьи ԥшьышәҩык рҟынӡа ҭахеит, урҭ рҟынтәи 20-ҩык урыстәылаа роуп. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла ХАМАС аибашьцәа иаанкыланы ирымоуп 200-250-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.