Арадио

Гәлиа Лыхнашҭа аныҳәазы: абиԥарала еимданы иаҳзааргаз атрадициа ныҟәаагоит

Ҟәланырхәа ақыҭа ахада Руслан Гәлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Лыхнашҭа имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа рышҽазыҟарҵо атәы, убасгьы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу.
Sputnik
Гәдоуҭа араион есышықәса Лыхны имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа араион 21 қыҭа рҽаладырхәуеит.
"Абиԥарала еимданы иаҳзааргаз атрадициа, иаҳдырбаз, иаҳдырҵаз ҳаргьы иаанмыжькәа ҳазныҟәоит. Ҟәланырхәа ақыҭа зегьы ҳҽеидкыланы ҳҽалаҳархәуеит. Ажәытәан рхы иадырхәоз амаҭәарқәа рцәыргақәҵа, аԥсуа чыс уҳәа зегьы ҟаҳҵоит. Сынтәа ҿыцны иалаҳгалар ҳҭахуп, ақыҭаҟны анхара аганахьала анапкымҭақәа ҟазҵо инеиҵыху рцәыргақәҵа. Ари ныҳәа дууп. Ауаҩы ашықәсан аџьабаа здибалаз иԥшӡаны, ихааны ианиԥыло, Анцәа имчала ныҳәа дуны иазгәаҳҭоит", - иҳәеит Гәлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәаҟны Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа, иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа уи амш азы асценахь ицәырҵуеит. Изҭаху еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы рхы аадырԥшыр рылшоит.