Арадио

Чкотуа Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа азы: амш бзиа ҳақәшәар, ауаагьы ҟалоит

Sputnik
Лыхнашҭа аныҳәа аиҿкаара рышҽазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Чкотуа.
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәаҟны Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа. Акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа, иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа уи амш азы асценахь ицәырҵуеит. Изҭаху еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы рхы аадырԥшыр рылшоит.
"Амш бзиа ҳақәшәар, ауаа ҟалоит. Ирацәаҩуп Урыстәылантәи иаауа, ҳашьцәа абазаа ҟалоит сынтәа. Урҭгьы рконцерттә программа рымоуп…Шьҭа аҽазыҟаҵаразы иаанхаз маҷуп, ҳашҭа пашәӡа иҟоуп. Бзиала иаабеит иааиуа! Ҽаанԥшӡала инеиааит! Ҳусқәа зегь мазеиоуп, џьабаа ҳамаӡам, ақыҭақәа зегьы хиоуп. Асабша аргылара иалагоит ашьаԥақәа. Аԥацхақәа рзы макьана ԥарала ҳаиқәшәам, аха аԥхьаҟа иҟаҵатәхоит",- иҳәеит Чкотуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.