Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа абџьарҟаҵара дшалагази, уи изацу агәыбылреи ирызкны

Sputnik
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла аҩбатәи аҳасабырбатә цәыргақәҵа "Х-напы" мҩаԥыргеит Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Уаҟа ицәырган аҵыхәтәантәи ашықәс азы аус зыдулаз анапкымҭақәа. Урҭ рҟынтә акомиссиа ҷыда иалнакаауеит Аидгыла афонд ахь инашьҭхо аусумҭақәа.
Иахьазы аҟазацәа рнапы иҵырххьо аусумҭақәа рацәоума, насгьы абџьарҟаҵара ахырхарҭа ҳтәылаҿы аҿиара абанӡамоу, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит абџьарҟаҵаҩ Давид Џьопуа.
Давид Џьопуа 12 шықәса джьииуеит, урҭ рахьынтә аашықәса абџьар ҟаиҵоит.
"Схатә ҳәызба ҟасҵоит ҳәа салаган, саланагалеит. Ари ԥсыршьагоуп", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.