Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә мчқәа Амшын еиқәа ақәԥшылараҿ украинатәи аракета ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә мчқәа Ҟрым азааигәара Амшын еиқәа ақәԥшылараҿ украинатәи аракета "Нептун" ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Ахҭыс ҟалеит абҵара 9 асааҭ 17:40 рзы.
"Иҷаԥшьоз АХМ ахархәагақәа украинатәи аракета рбеит, иагькарыжьит Амшын еиқәа ақәԥшылараҿ", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.