АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа украинатәи аҳаирпланқәа ааба ҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа украинатәи аҳаирпланқәа ааба ҭадырхеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Миг-29 ԥшьба, Су-27 -ҩба, иара убас Су-25-ҩба", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Иара убас аусбарҭаҟны ирҳәеит, абҵара 4-10 рзы украинатәи арратә инфраструктура ааха ӷәӷәа шаҭаз.
Купиантәи ахырхарҭаҿы мчыбжьык иалагӡаны иаԥырҟәҟәаан аӷа ижәыларақәа 18, ишьуп 710-ҩык украинатәи аибашьцәа, иҭархоуп акәылӡымашьынақәа 11, танкк, амашьынақәа 18.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан аӷа ижәыларақәа 9, иҭархоуп 725-ҩык украинатәи аибашьцәа, атанкқәа хԥа, акәылӡымашьынақәа 13, амашьынақәа 20, РЗСО аибашьыгатә машьынақәа ҩба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҳаҩсыз амчыбжь азы урыстәылатәи аруаа иаԥдырҟәҟәааит аӷа ижәыларақәа 16, украинатәи аибашьцәа ихәызи ишьызи рхыԥхьаӡара 1590-ҩык рҟынӡа инаӡеит, иҭархан атанкқәа хԥа, акәылӡымашьынақәа 14, амашьынақәа 32, РЗСО аибашьыгатә машьынақәа хԥа. Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 800-ҩык, танкк, акәылӡымашьынақәа 12, амашьынақәа 22, еилаԥыххаауп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 505-.ык аибашьцәа, анышьқәа 15, амашьынақәа 26. Иара убас, украинатәи аруаа 26-ҩык урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит.