Аԥсны

Жьҭаарамзазы урыстәылауаа Аԥсныҟа ртурныҟәарақәа рыхәԥса 5,7% рыла еиҵахеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Жьҭаарамзазы урыстәылауаа Аԥсныҟа ртурныҟәарақәа рыхәԥса 5,7% рыла еиҵахеит, абри атәы аанацҳауеит Росстат.
Ас еиԥш иҟоу арбагақәа азгәаҭоуп Азербаиџьани Ермантәылеи рахь ирыдыргало атурқәа рҟнгьы.
Цәыббрамза иаҿырԥшны Мысраҟа (Египет) атурныҟәаразы ахәԥса лаҟәит 12,2% рыла, Ҭырқәтәыла-11,4%. Белоруссиаҟа-4,8%, Вьетнам, Индонезиа, Малаизиа, Таиланд-2,8%, Казахсҭани Узбекисҭаниа-2,7% рыла.
0,3% рыла еиҳахеит Еиду Арабтәи Аемиратқәа рҟны аԥсшьара.
Иара убас аԥсшьаразы ахәқәа лаҟәит Урыстәылатәи акурортқәа рахь- Ҟрым-12,4%.