Москва аусура хацнаркит Аԥсны аҿарацәа рырҿиаратә хеилак. Ас еиԥш аԥшьгамҭа шцәырҵыз, Урыстәыла аҳҭнықалақь иҟоу Аԥсны аҿарацәа реидкылараз, рмилаҭтә хдырра аизырҳараҿы ҭагылазаашьас иҟоу, аилазаара инанагӡо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи алахәыла, Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет ахԥатәи акурс астудент Анана Ҭыжәԥҳа.
Ас еиԥш аидгыла 1980 шықәсазгьы иҟан, уажәы уи аиҭашьақәыргылара, аусура ахацыркра хыдҵас иҳамоуп ҳәа лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
"Хықәкы хадас ҳаԥхьа иқәгылоуп ҳаԥсуа бызшәа, ҳкультура ацәыргара, аҵас, ақьабз амырӡра, ҳажәлар рыламыс, рыпату, рчеиџьыка ацәыргара. Аилазаара ахаҭарнакцәа иаҳҭахуп аҿар еидаҳкыларц, аидгылара рымазарц, ианаҭаху еицхыраарц. Еиҿаҳкаауеит еиуеиԥшым аинтеллектуалтә хәмаррақәа, аиҿцәажәаратә клубқәа, апоезиа ахәылԥызқәа, афестивальқәа, ацәыргақәҵақәа. Ара иҟазароуп аԥсуа шәақәа, акәашарақәа, уи збо ауаа ргәаҟны иаанхарц ҳхықәкуп. Усҟан ауп хыдҵас иҳамоу аетикатә кодекс аԥсуара анышьақәгыло", - лҳәеит Тыжәԥҳа.
Инеиҵыхны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Москва иҟоу Аԥсны аҿарацәа рырҿиаратә хеилак хықәкыс иамоуп аҿар реибабареи, рбаҩхатәра аарԥшреи, раԥшьгамҭақәа рылацәажәареи. Аҿарацәа рхеилак адгылара рынаҭалоит абаҩхатәра змоу аҿар, хықәкыс иамоуп урҭ ралԥшаареи рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхреи.