Аԥсны

"Зхьышьҭра змырӡыз": Ҳасан Быҭәба еиҭеиҳәеит иԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз

Sputnik
20 шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иааз Ҳасан Быҭәба иажәақәа рыла, иԥсадгьыл еснагь игәы азыбылуан, арахь нхара даарц иҭахын.
"Аԥсуа радио ала ажәытә ашәақәа ҳарзыӡырҩуан Ҭырқәтәыла, уи еиҳагы ҳгәы амца ацранаҵон", - иҳәеит Быҭәба.
Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳрыҿцәажәоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Дара еиҭарҳәоит рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.