Арадио

Аргәын Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргыларазы: инагӡоуп акгьы агмыжькәа

Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшахеит. Имҩаԥгаз аусурақәа иалдыршази, актәи ахәҭа амҩасшьеи, анаҩстәи апланқәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Афонҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" адиректор Алхас Аргәын.
Sputnik
Еиҭашьақәыргылоу актәи аҟарулратә ҟәарч ахаҳәҭӡи аҭаларҭагәашә хадеи роуп. Абаа аиҭашьақәыргыларазы апроект азырхиан 2018 шықәсазы, аха аусурақәа 2022 шықәсазоуп ианрылага. Цәыббрамзазы аусурақәа хыркәшан. Аҳәырԥсарра абиуџьет аҟынтәи иазоужьын 7 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.
"Аиҭашьақәыргаларатә усурақәа раԥхьа имҩаԥган аҭҵааратә усқәа. Игәаҭан архитектура. Анас архитектуратә ҭҵаарақәа мҩаԥган, ареставраторцәа адгылан иҭҵаан. Абаҟа злеиҿартәаз аелементқәа еиқәханы иҟан, уи иалнаршеит апроект аҟаҵара. Ара ахыҭҳәаа ыҟаӡам. Иара еиқәханы иҟаз аелементқәа рыла ишьақәҳаргылаз ауп" - ҳәа инаҵишьит Аргәын.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.