АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. 90-100-ҩык рҟынӡа урыстәылаа асектор Газа ралгаразы ишьақәыргылоу рсиа аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит УА АҶА ахада Даниил Мартынов.
"Ишьақәырӷәӷәоу аинформациа ҳамоуп ҳџьынџьуаа рсиа шеицышьақәырӷәӷәоу азы. Ҳақәгәыӷуеит иахьа ашьыжь 90-100-ҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа асектор аанрыжьып ҳәа", - иҳәеит Мартынов.
Аԥхьа иалҵыз 70-ҩык урыстәылаа Каир ақалақь аоперштаб аҟны иҟоуп. Иахьа урҭ Москваҟа иԥыруеит.