Урыстәыла

Сицилиа, Европа зегьы иреиҳау авулкан амца ахәылҟьара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Европа зегьы иреиҳау авулкан Етна амца ахәылҟьара иалагеит ҳәа аанацҳаит амҽыша агазеҭ La Sicilia Италиа агеофизикеи авулканологиеи Рмилаҭтә институт (INGV) адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Авулкан алада-мрагыларатәи акратер аҿоуп амцахәылҟьара иахьалагаз, аҩаӡара 4,5 нызқь метра иҟоуп амшын аҩаӡараҟынтә.
Етна –Европа зегь раасҭа иҳараку вулкануп. 2013 шықәса рашәарамзазы иара ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынха ахыбрақәа рсиа иаҵаркын. 2017 шықәса хәажәкырамзазы авулкан амцахәылҟьараан Сицилиа жәаҩык ахәрақәа роуит. Етна аҽанарцәгьало иара иахьаҵанакуа аҳауатә ҵакыра адыркуеит.