Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла ахада иалхра арыцхә инықәырԥшны иазгәаҭоуп

Иааиуа ашықәс азы Урыстәыла ахада иалхра мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Афедералтә еизара атәыла ахада иалхра аҽҳәара рыланаҳәар ҟалоит мызкы ашьҭахь - инықәырԥшны хәажәкыра 17 2024 шықәсазы, абри атәы аанацҳауцеит РИА Новости апарламент ахыҵхырҭала.
"Ԥхынҷкәын 31 рзы имҩаԥсран иҟоу Афедералтә еизара аилатәараҿ Урыстәыла ахада иалхра анымҩаԥгахо арыцхә рылаҳәахар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәаз.
Аконституциа излаҳәо ала атәыла ахада иалхрақәа аҿҳәара азҭо Афедералтә еизара ауп. Апарламент хыхьтәи апалата ақәҵара рыдыркылароуп алхрақәа ааиаанӡа 100-мш еиҳамкәан 90-мшы еиҵамкәан.
Владимир Путин атәыла ахада иалхрақәа рыҟны икандитатура ақәыргылараз макьана акгь имҳәаӡацт.