Урыстәыла

Амчыбжь аҩнуҵҟа Урыстәыла акоронавирус аҽарҭбааит

Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Урыстәыла арегионқәа рҿы ахәышәтәырҭахь инагоуп 5473-ҩык "коронавирустә инфекциа" рыманы, ари 8,5% рыла еиҳауп уаанӡатәи амчыбжь азы аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Урыстәыла COVID-19 22,8% ихалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ачымазарақәа рҿагыларазы Афедералтә оперштаб адыррақәа шьаҭас иганы.

"Акоронавирустә инфекциа ииасыз амчыбжь азы 100 нызқьҩык ауааԥсыра ирыдбалан. Ииасыз амчыбжь иаҿырԥшны уи 22,8% еиҳахеит. Ачымазара амҽхакҭбаара азгәаҭоуп Урыстәыла асубиектқәа 70 рҿы. 24 регион рҟны атәылаҿ бжьаратәла иҟоу аасҭа еиҳауп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла 43 субиект рҿгьы ахәышәтәырҭа иҭашәаз рхыԥхьаӡара еиҳахеит, убри аан згәы бзиахаз 29 нызқьҩык ашәҟәы иҭагалоуп. Ари 30,4% рыла еиҳауп ииасыз амчыбжь аҿы аасҭа.
2023 шықәса лаҵарамзаз Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аҳәамҭа ҟанаҵеит COVID-19 апандемиа ыиасит ҳәа, аха ахьҭақәа ҟало ианалага ачымазара еиҭах ихынҳәит.