Ацәыргақәҵа имҽхакы ҭбаалатәиуп ҳәа азуҳәар ҟалоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Арсалиаԥҳа.
"Борис Ашәба имаҷымкәа ацәыргақәҵақәа дрылахәхеит Урыстәыла, аха Аҟәа иаатуеит иара хаҭалатәи ицәыргақәҵа, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз иусумҭақәа, еиуеиԥшым атемақәа рыла ишьақәгылоу. Раԥхьаӡа акәны иара Аԥсны сахьаҭыхҩык иаҳасабала азал аҭааҩцәа дырбоит. Иара шықәсы рацәала Урыстәыла дынхон, уа аус иуан. Иҟазарагьы уаҟоуп иаҳа иахьӡыргаз. Уажәы иара Аԥсны дыҟоуп, Аԥсны аус иуеит. Иҟазарагьы аус адуларазы аамҭагьы агәалаҟазаарагьы имоуп. Ҳаиқәшәараан иҳәеит ишиҭахыз ацәыргақәҵа Аԥсны аиҿкаара", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы лажәақәа рыла, ирацәоуп Борис Ашәба иусумҭақәа ахатә коллекциақәа рҿы иҟоу.
"Иҿыханҵа ареалисттә школа базас иамоуп Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа атрадициақәа. Иара лымкаала дазхьаԥшуеит ақалақь акультуратә архитектура, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.