Аԥсны

Аԥснытәи аҵаақәшьқьырҩы "Сириус" имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахә ҭыԥ лгеит

Афедералтә ҵакыра "Сириус" аспорттә хан "Большой" аҟны абҵара 8-11 рзы аолимпиатә чемпион Алексеи Урманов иаԥхьахә агаразы имҩаԥысуан атәылаҿацәтә еицлабрақәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥснытәи аҵаақәшьқьырҩы қәыԥш Анна Тхагушева "Сириус" имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аҩбатәи аԥхьахә ҭыԥ лгеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа ирылахәын Урыстәыла ақалақьқәа 350 рҟынтәи аспортсменцәа.
Тхагушева, шәачатәи Академиа "Олимпийский лед" дааӡамҭоуп, аразриад "аҵаақәшьқьырҩы қәыԥш" аҿы дықәгылон.