Аԥсны

Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аҷыдазкыра змоу аотриад атактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит

Аотриад аруаа рхатә ҽазыҟаҵаратә база аҿеиԥш Аладатәи Ешыра ақыҭан иҟоу ахысратә дәы аҿгьы азыҟаҵарақәа ирхысуан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аҷыдазкыра змоу аотриад атактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит хаз иазалху азыҟаҵаратә базаҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа раан аотриад аруаа еиуеиԥшым арратә хыдҵақәа рынагӡара рҽазыршәеит, рдыррақәеи рылшарақәеи еиӷьыртәит.
Аотриад еиуеиԥшым асценариқәа рыла аусдҵақәа нанагӡеит. Амашьынала ацәгьа ахьыруз аҭыԥ аҟынтәи машьынала ибналоз "ацәгьоуцәа" раанкылара, аихагыла рацәа змоу ахыбраҟны зҽызҵәахуа ацәгьахәыццәа" абџьаррхыхра рҽазыршәон.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа рыла Дмитри Дбар урҭ иҳараку ахәшьара аиҭеит, убри аан хаҭалатәи аилазаара рыпрофессионалтә қәҿиарақәа ҷыдала иазгәеиҭеит.